Гарцкиа: акурорттә сезон уаргәырӷьартә иҟан

© SputnikАԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциа мҩаԥигеит
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциа мҩаԥигеит 2016 шықәсазтәи акурорттә сезон иазкны.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. 2015 — 2016 шықәсқәа рызтәи акурорттә сезонқәа Аԥсназы ирекордтәны иҟан, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциаҟны.

"Атуристцәа атәылахь раарала арҭ аҩышықәса рекордтәны иҟан. 2016 шықәсатәи асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иаҭааит 1,3-1,4 миллионҩык атуристцәа", — иҳәеит Гарцкиа.

Иара иазгәеиҭеит ари ахыԥхьаӡара макьанагьы иацлар шауа, избанзар асезон хыркәшам. 2015 шықәса рзы атуризм иалҵшәаны атәыла абиуџьет ахь иаланагалеит 350 миллион мааҭ аԥара, 2016 шықәса рзы уи ахыԥхьаӡара 400 миллион мааҭ артәап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0