Анна Калиагина: аԥхынтәи аԥсшьаратә сезон мацара уақәгәыӷыр иашам

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународной аэропорт "Симферополь"
Международной аэропорт Симферополь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәын 23 рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәын 23 рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны. Астол гьежь амҩаԥсыраан "Атуризм азы аԥснытәи аидгыла" апрезидент Анна Калиагина илҳәеит асасааирҭақәа реиҳарак зтәу аԥхынтәи асезон ауп изықәгәыӷуа ҳәа.

"Асасааирҭақәа змоу абизнесуаа реиҳараҩык аԥхынтәи асезон мацара иақәгәыӷуеит. Ҳәарада ус еиҳа ирзыманшәалоуп, ирзымариоуп, иаҳҳәап аӡын азы арԥхаррақәа аҭаххаӡом, аха аалыҵ ахаҭабзиара еиҳа иланарҟәуеит", — лҳәеит Анна Калиагина.

Анна Калиагина лажәақәа рыла лара напхгара зылҭоз атуристтә еилахәыра абри аԥынгылақәа ирықәшәахьан. Асасааирҭақәеи аотельқәеи зхатәыз игәырӷьаҵәа аԥсшьаҩцәа рыдыркыларц рҭахын аха уи иазыхианы иҟамызт.

"Ҵыԥх аӡынразы атуристцәа акыр ирацәан. Аӡыргара бзиа ҟаҵан. Аха усҟантәи аамҭазы илеиз асы аҭагылазаашьақәа аруадаҩит, избанзар еиԥҟьеит афымцалашара, асеиԥш аҭагылазаашьагьы аӡәгьы дазыхианы дыҟамызт", — лҳәеит лара.

Калиагина иазгәалҭеит дарбанызаалак аӡынразы аԥсшьаҩцәа здызкылар зҭаху анаплакҩы иобиект аамҭа иақәшәо ирхиароуп ԥхарралеи ӡылеи ҳәа.

2016 шықәса рзы Аԥсныҟа аара мап ацәызкыз атуристцәа рацәоуп, избанзар аӡәгьы иҭахым амлеи ахьҭеи дакуа аныҳәамшқәа ихигарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0