Ахба: аныҳәақәа раан аԥарашәара зылшоз аԥсшьаҩцәа маҷмызт

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАчемоданқәа
Ачемоданқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба аӡынтәи асезон аихшьаалақәа аиҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20— Sputnik, Бадри Есиава. Атуроператорцәа рдыррақәа рыла ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан Аԥсны рыԥсы ршьон аԥарашәара зылшоз атуристцәа иҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Атуроператорцәа иазгәарҭеит  атуристцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа адинамика шаиуз. Абарҭ адыррақәа рылагьы иаадырит аԥсшьаҩцәа рыԥсшьара акыр ргәы ишахәаз» — иҳәеит Ахба.

Ахба иажәақәа рыла 2017 шықәса рзы Аԥсны иаҭааит 10 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Шәачатәи атуристцәагьы. 

"Иахьазы аӡынтәи аамҭақәа раан  асасцәа рхыԥхьаӡара адинамикатә ҟазшьа аиуит. Сынтәа жәанызқьҩык ҳҭаазар, ҽааны иҵагь еиҳаны ҳарзыԥшызароуп. Убри азы аҽырхиара аҭахуп",  - иҳәеит Ахба.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аҵыхәтәантәи ахәышықәса аӡынтәи атуризм аҿиара бзиа аиуа иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0