Автотуристцәа рзы "аҭел ҷыда" аԥҵазар бзиан

© Sputnik / И. Зенин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аотелиерцәа Ргильдиа астол гьежь мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкыра 23 рзы. Иара азкын акурорттә сезон аҽазыҟаҵара.

АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны аотелиерцәа Ргильдиа астол гьежь мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкыра 23 рзы. Иара азкын акурорттә сезон аҽазыҟаҵара. Аԥснытәи аотелиерцәа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иахь аҳәара ҟарҵеит атуристцәа – автомашьынала иҟоу рзы "аҭел ҷыда" аԥҵахарц. Абри атәы иҳәеит аотелиерцәа Ргильдиа апрезидент Игор Жигун.

"Акурорттә сезон аан ирацәаҩуп арахь зхатәы автомашьынақәа рыла иаауа. Ҳара, атуризм аусхк знапы алаку лассы-лассы урҭ рҟынтәи ашшыԥхьыӡқәа ҳаҳауеит, аҭыԥантәи автоинспекциа аусзуҩцәа рганахь ала. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа атуризм зегь ааидкыланы узмеигәырӷьаша анырра анаҭоит", — иҳәеит Жигун.

Иара иажәақәа рыла "горячая линиа" ҳәа изышьҭо аҭел ҷыда аԥҵазар, аҭагылазаашьа арманшәалон.

Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ракәзар, рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Убас, 2016 шықәса рзы ареспублика иаҭааит 1,4 миллион-ҩык атуристцәа. 2015 шықәса иадкылан уахәаԥшуазар, уи 15% рыла еиҳауп.

2015 шықәса рзы атуризм аусхк аҟынтәи абиуџьет иаланагалеит 350 миллион мааҭ аԥара, 2016 шықәса рзы — 400 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0