Аҟәатәи апальмақәа рыхәышәтәра мҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь арҿиара ацхыраара азҭо афонд "Аҟәа" ақалақь аԥшаҳәаҿы "Апальмақәа рыхәышәтәра" захьӡу акциа мҩаԥнагеит.

"Апальмақәа рыхәышәтәра" захьӡу акциа мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьеи Баграт Шьынқәба ихьӡ зху абаҳчеи, Ахақәиҭра ашҭеи рҿы. 

Ари акциа адгылара арҭеит Аԥсны аекологцәеи, адендрологцәеи. Апроект активла рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агро-анџьныртәи абиолого-географиатәи афакультетқәа рыстудентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0