Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит

Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны Пушкин 216 шықәса ихыҵра азгәаҭараан Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа аԥсшәахь еиҭеигаз ажәеинраала "Я помню чудное мгновение" даԥхьеит.

Аурыс шәҟәыҩҩы Александр Пушкин 216 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Аҟәа, рашәара 9 рзы.

Уи аныҳәа иадҳәаланы Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи апоезиа абзиабаҩцәеи реиԥылара.

Абаҳча агәҭаны игылоу ашәҵла ашәшьыра амҵан еизеит ауаа рацәаны. Аԥсуа поетцәеи ашколхәыҷқәеи ԥсышәалеи урысшәалеи Пушкин иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аԥсны жәлар рпоет, изнымкәа Пушкин аԥсшәахь деиҭазгахьоу Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла, аурыс шәҟәыҩҩы аԥсуа литературахь инырра маҷым.

"Иахьа иԥшьоу аҭыԥ аҟны ҳаизеит, анкьа зны ҳабдуцәа шеизоз еиԥш. Ҳара ҳлитература адунеитә литература иахәҭакуп. Аурыс шәҟәыҩҩы Пушкин иҟазара ашәахәақаә 100 шықәса инареиҳаны аԥсуа поетцәа ирылыԥхоит", – иҳәеит Лашәриа.

Александр Пушкин иира амш аҽны аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагеит апоет ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ала. Уи ашьҭахь еизаз зегьы Аҟәатә аботаникатә баҳчаахь имҩахыҵит. Уаҟа апоет ихьӡала 2012 шықәсазы аҵла еиҭаҳан, иахьа иара изҳауеит, иҿиоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0