Аԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит, амҳаџьырцәа рбаҟахьы имҩахыҵит Аԥсны ахадара, ауаажәларра, амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ашколхәыҷқәа.

XIX ашәышықәсазы еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

Аҟәа, амҳаџьырцәа рбаҟахьы имҩахыҵит Аԥсны ахадара, ауаажәларра, амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ашколхәыҷқәа.

Амҳаџьырцәа рбаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг аҿы дыкәгылеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

"Баграт Шьынқәбеи, Гьаргь Ӡиӡариеи амҳаџьырра иазку рҩымҭақәа дрыԥхьароуп дарбанызаалак, игәаҵанӡа инеиарцаз амҳаџьырқәа рхьаа, ахааназ игәалашәараҿ инхарцаз адамыӷа еиԥш Аԥсны аҭоурых инхалаз уи аамҭа еиқәаҵәа. Агәҽаанызаара аҭахыуп ихьчахарцаз амилаҭ, иӷәӷәахарц  аҳәынҭқарра. Иахьа Ҭырқәтәыла, Шьантәыла, Иорданиа, Америка, Европа иҟоу аԥсуаа  зегьы  хеиқәырхагас ирымоу акызаҵәык ауп- урҭ ракзаара, ргәеизыбылра, рбызшәа, рытрадициатә культура рыхӡыӡаара. Хашҭра рықәымзааит Кавказтәи аибашьра аӡыблара иахәлаӡыз ҳауаажәлар. Ӡра-ԥсра ақәымзааит Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа ракзаара", – иҳәеит Занҭариа.

Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0