Апоет қәыԥш Сасрыҟәа Ақаҩба раԥхьатәи иажәеинраала "Сышбыхәаԥуа сҭахар" даԥхьоит

Анапаҵаҩра
Cасрыҟәа Ақаҩба даԥхьоит раԥхьатәи иажәеинраала "Сышбыхәаԥшуа сҭахар". Ари ажәеинраала иҩит ажәбатәи акласс аҟны дантәаз, дыззаԥхьазгьы иабду иоуп.

"Сара раԥхьатәи сажәеинраалақәа  акыр аамҭа иҵәахны исыман. Изҩыз шәбо ҳәа сыҽхәоушәа ҟазшьас исымаӡам, ус ахымҩаԥгара сҭахӡамызт аҟнытә аӡәгьы иасҳәомызт. Сара иахьагьы ус сыҟоуп. Аамҭа ԥыҭк аныбжьыс сажәеинраалақәа еиҳарак сыззаԥхьоз сабду иакәын, иара акгьы ицәызӡазомызт. Изызкызаалакгьы изҩыз ажәеинраала сабду сыизаԥхьон, иара иакәын сымҩақәызҵоз. Сабду, аиашазы иҟазара ҳаракын, рҵаҩык иаҳасабала дсыцхраауан", — ҳәа урҭ аамҭақәа игәаларшәо иҳәоит Сасрыҟәа Ақаҩба.

Иара иажәақәа рыла иабду иааӡара, иабжьагажәақәа  иахьанӡа ицуп, ицхраауеит.

"Ажәбатәи акласс аҟны сыштәаз ажәеинраала сҩыртә еиԥш сызҳаит. Раԥхьатәи сажәеинраала иахьӡын "Сышбыхәаԥшуа сҭахаргьы". Иара раԥхьатәи сыбзиабара иазкын. Бзиа дызбеит урыс ҭыԥҳак, убри лоуп сҟазара аазартыз. Лара сылзаԥхьеит усҟан, ибзианы илыдылкылеит, патугьы ақәылҵеит", — иҳәеит дԥышәырччо иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0