Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз астадион аҟны идырбан

Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра азгәарҭеит.

Апрограмма зегьы еихшан аҭоурыхтә аамҭақәа рыла. Уи, Диоскуриада аамҭа, аԥсҳа Леон напхгара анаиҭоз аетап, Османтәи аимпериа, Асовет аамҭа, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа аазырԥшуаз ақәыргыламҭақәа. Ҷыдала иазааҭгылан Аҟәа ахақәиҭтәра атема. Еизаз аекран аҟны идырбан аҭоурыхтә фильмқәа рыҟнытә ацыԥҵәахақәеи, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара аазырԥшуа акадрқәеи.

Аныҳәа рҽазыҟарҵон мызкы ианазынаԥшуа.

Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра амш азгәаҭара азыӡбан ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсуа музеи аҟны имҩаԥгаз анаука-практикатә конференциаҟны. Уаҟа ишьақәдырӷәӷәеит ақалақь Амш ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы имҩаԥгалазарц.


Ажәабжьқәа зегьы
0