"Хҭырҧа шкәакәа" афильм шҭырхуаз аҭоурых

Анапаҵаҩра
Давженко ихьӡ зху Украинатәи акиностудиа ари афильм ҭнахуан Аԥсны шықәсык инарзынаҧшуа. Иара иалахәын иреиҕьыз аҧсуа актиорцәа аӡәырҩы, афильм изкуп аҧсуа жәлар рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба.

Афильм аҭыхрақәа Аԥсны бжьымз инарзынаԥшуа ицон, урҭ рахьтә ԥшьымыз инеиҳаны аҭыхрақәа мҩаԥган Ҷлоу ақыҭан Ақыдреи Аимареи аҳаблақәа рыҟны.

"Давженко ихьӡ зху астудиа Аԥсны ахы аҵыхәа еимданы иалыркааит Ҷлоу ақыҭа, хаҭала Ҵәыџьаа аешьцәа ргәараҭа. Афильм анҭырхоз сара ашкол саналгоз ашықәс акәын, аурокқәа ааныжьны ишҭырхуа ҳахәаԥшырц ҳауаан. Усҟан ара аҽакала иҟан, иԥшӡаран цәгьала, зегьы џьашьахәын. Ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын асцена Ҳаџьараҭ Омар дышьны данаауаз атәы, абри аҳҭынраҟны ауп иара аҟамагьы ахьалаиҵаз. Исгәалашәоит, Омар дызҵәыуаз ҳгәыла ҳәсақәа шракәыз. Ауаа рацәа аҭахын аҟнытә, Ҷлоу ақыҭа анхацәагьы алахәын. Егьараан ҳарԥырхаган, аха аӡәгьы дҳаҵаҟьомызт, уимоу Савелиев иҳәон, иахәаԥшлааит арежиссурахь агәыбылра шьҭызкаауа дҟалар алшоит ҳәа", — абасала афильм "Хҭырҧа шкәакәа" аҭыхрақәа игәалашәоит Ҷлоу ақыҭа ахада Андарбеи Инаԥшьба.

Афильм аҭыхрақәа имҩаԥысуан Аҟәа аспортбаза, аӡиа Риҵа, Арасаӡыхь, Мықә, Афон ухәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы. Иара акырџьара ишымҩаԥысуазгьы Ҷлоу ақыҭан хықәкыла аешьцәа Ҵәыџьаа рашҭаҿы акәын иахьымҩаԥысуаз хадаратәи ахҭысқәа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0