Ҳаири Қәҭарба дазааҭгылоит аԥсуаа ирхыргаз ахҵәара аиҳабацәа ишрызнаргоз

Анапаҵаҩра
XIX ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы ахҵәара иақәшәаны Акаԥа ақыҭантәи (иахьа Аҟәа араион) Ҭырқәтәыла иӡхыҵыз амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра иоуп Ҳаири Қәҭарба.

Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵыз рхылҵшьҭрақәа иреиуоу, жәа-шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа дааит, ҭырқәшәала иҩуа аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба.

Дшыхәыҷыз инаркны аԥсуара зыларааӡоз, зхатәы бызшәала ицәажәоз, ихәыцуаз Ҳаири Кәҭарба ииҭахын Аԥсныҟа даарц, иблала ибарц ианду ллакәқәа рыҟны зыӡбахә лҳәоз ашьхеи-агеи.

"Аԥсны сыԥхыӡ иалан еснагь, исҭахын саар, сыжәлантәқәа срабадырырц. Аԥсны аибашьра алагаанӡа 1989 шықәсазы Аԥсныҟа раԥхьаӡа сааит. Қәҭараа раҳәшьаԥацәа Тапаӷәуаа рыҟны ҳаҟан, уа еизеит Қәҭараа, убас срабадырит Аԥснытәи сашьцәа. Ус Ҭыркәтәылаҟа схынҳәит, аха ара нхара сҭахын", — ҳәа гәыблыла игәалаиршәоит раԥхьа Аԥсныҟа дшааз Ҳаири.

Ҳаири Қәҭарба Аԥсны данаа анаҩс, игәаҵа иԥхаӡа иҭан Аԥсны дышрыдыркылаз ижәлантәқәа. Аԥсныҟа исыхон, ҳәа иҳәоит иара. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Ҳаири Қәҭарба ишилшоз ала дыцхыраауан.

Ҳаири Қәҭарба иҭоурых нарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра

"Аибашьраҿы абџьар кны смеибашьызыргьы, Аԥсны иҟаз ианыз аинформациа аларҵәаразы исылшоз зегьы ҟасҵон. Аибашьра еилгаанӡа мышқәак шагыз Ҭырқәтәылаҟа сцеит. Аха исҭахын саарц, иахьа уаҵәы сҳәо ус 12 шықәса ҵит", — хәа иҳәоит иара.

2006 шықәсазы Аԥсны раԥхьаӡа имҩаԥысуан Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа алархәны аизара. Усҟан, Ҳаири Қәҭарба Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дааит, ус нхара ҳәа дагьаанхеит. 

"Уажәы акәымзар ианба сҳәан, ара саанхеит. Убас жәа-шықәса ҵуеит ара сыҟоижьҭеи. Сара занааҭла сыргылаҩуп, аха ара сынхаҩуп, ақыҭаҿы сынхоит. Сыԥхыӡ иалаз лабҿабахеит", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ҳаири Қәҭарба дынхоит Гәлрыԥшь ақыҭан, анхара анҵыра инапы алакуп. Аԥсны иҟазаара ес-ҽны ныҳәаны иԥхьаӡоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0