Абызшәыдырыҩ Ҭамара Шьаҟрыл лыхьӡала иаартын афотоцәыргақәҵа

Анапаҵаҩра
"Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны" захьӡыз афотоцәыргақәҵа аартуп еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инамаданы.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, уи ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, ауаажәларратә-аполитикатә усзуҩцәа, аҵарауаа, аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз.

"Ари ацәыргақәҵа иаанырԥшуеит Шьаҟрылаа рҭаацәара аԥсуа ҳхәынҭқарра аргылараҿы ирылшаз. Дара знысыз амҩа ду аҟны еснагь аԥсуа милаҭ ахьӡ ҭыргон, идырӷәӷәон. Ҭамара Платон- иԥҳа анык леиԥш дысзыҟан, лыԥхара сыцуп иахьагьы. Лара лцәажәарала, ҳаимак ҳаиҿак аҭышәынтәалараз аинышәара дашьҭан, иҟалҵоз зегьы аҳәынҭқарра ахьӡ ашьҭыхра акәын. Аиашазы, даҳзымыхьчеит, лыҟамзаара ҳныԥшуеит", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инадҳәаланы иаартыз афотоцәыргақәҵа аиҿкаара лыбзоуроуп Аида Хонелиаԥҳа.

Афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны" аартызаауеит цәыбрра 10-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0