Алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахә" Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны ишымҩаԥсыз

Анапаҵаҩра
Александр Антокольски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы - ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы - ихашәымҵын" иаҿырԥшны икәыргылаз аспектакль алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахә" апремиера мҩаԥысит Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны ашәахьа, жьҭаарамза 24 аҽны.

"Алакә ақәыргылара салагеишьҭеи акрааҵуан, аха еиуеипшым амзызқәа ирыхҟьаны иахьанӡа  иааҳгон. Александр Антокольски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы — ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы — ихашәымҵын" иаҿырԥшны иқәыргылоуп ари алакә. Шьаҭас иамоуп аԥсуа афольклор  аҟнытә иаадыруа ашьамаҟеи аԥсасеи рынцәахәы Жәабран аиашеи амцыи дшаҿагылаҩу, аџьашьахәқәа рыҟаҵара дшашьҭоу.  Жәабран ироль хада наигӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа. Иазгәаҭатәуп, Ҭҟәарчалтәи актиорцәа аҿарацәа рацәаҩнгьы ишалахәыз", — ҳәа иҳәеит арежиссиор, ақәыргылаҩ Роман Сабуа.

Аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" адекорациақәа азирхиеит аԥсуа адраматә театр асахьаҭыхыҩ, адекоратор Витали Кацәба.


Ажәабжьқәа зегьы
0