Апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа: ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара аџьыкҵәаҵәа шиуа

Анапаҵаҩра
Алла Сабуа-Чычба лассы-лассы акәымзаргьы, зны-зынла аџьыка аҳаҟьа иқәылххоит. Иахьа уажәраанӡа еиқәырханы илымоу аҳаҟьа ланхәа лҟынтәи илҭынхеит.

Аҳаҟьа аџьыка ықәуххырц, уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп. Раԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп, ахаа- мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп. Литрак аџьыка уххырц азы аҳаҟьа сааҭ еиҳаны уқәзар ауп.

"Аҳаҟьа иқәысҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп, иара аҟәаҟәара иаҭахуп амч. Нас иаҭахыу аха-мыхаақәеи аџьыкхыши асҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп. избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изыххуа апырпыл. Шаҟа ииашаны еибыуҭо аҟара ирласны унапаҿы иааиуеит. Блала ауп ишеибысҭо сара амала. Аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, ианакәзаалак, избанзар аԥсуа џьыкҵәаҵәа аџьыкхыш маҷны иамазар ауп агьама гоит ҳәа иԥхьаӡоуп азыҳәан", — ҳәа амаӡақәа еиҭаҳәо иаҳлырбон аҳаҟьаҟны аџьыка аххышьа Алла Сабуа- Чычба.

Араҳана, акама, акәлындыр ажәла аԥшәмаԥҳәыс иллыххо аџьыка иазхаратәы лхала иаалрыхуеит. Уимоу, дахыҽхәаны илҳәоит лан лҟынтәи илзынхаз аԥсуа аџыш жәла 46 шықәса имырӡкәа ишаалго.

"Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом. Абысҭа шаҟа еилурхо ааҟара ихаахоит рымҳәои, абас ауп ари аџьыка шыҟоугьы. Акәацхыхха ирласны иалаҟыуҵоит, аха аҳаҟьаҟны иуххо аџьыка акгьы еиԥшӡам", — ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсуа инхараҿы имариоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, зегьы уацныҟәар ауп ашәашәигьы, акәтгьы, арахәгьы зегьы уааӡароуп, лҳәоит Алла Сабуа-Чычба.

Ажәабжьқәа зегьы
0