Аԥсуа поетцәа рышәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара

Анапаҵаҩра
Ажәеинраалақәа реизга еиднакылоит 19-ҩык аԥсуа поетцәа аурыс бызшәахь еиҭагоу рҩымҭақәа.

Ааигәа Москва ақалақь аҟны иҭыҵыз аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа еизызго ашәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара мҩаԥысит иахьа Аԥсны амилаҭтә библиотека аҟны. 

Ашәҟәы "Сухумская крепость" аӡыргара иазку ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Ашәҟәы еиднакылоит 19-ҩык аԥсуа поетцәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭрыжьыз ражәеинраалақәа, аурыс бызшәахь еиҭагоу рҩымҭақәа. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аԥсуа литература адунеиаҟны Асовет Еидгыла аамҭазы излардыруаз аиҭагақәа рыла акәын. Уи иахьагьы акрызҵазкуа ак акәны ахәаԥшра шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0