Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа дылгәалалыршәоит Константин Озган

Анапаҵаҩра
Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, ареспублика абыргцәа Рхеилак ахантәаҩыс иҟаз Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 77 шықәса дшырҭагылаз хәажәкыра 22 аҽны 2016 шықәсазы, акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны. Иԥсҭазаара далҵиижьҭеи шықәсык анҵы аҽны иуаҩышьеи, иҟазшьақәеи, аусураҿ имаз апринципқәеи ртәы дазаатӷылоит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.

"Сара сзы иҭакԥхықәроуп Константин Константин-иԥа Озган изы ажәа аҳәара. Сырҿиараҿы, сыԥсҭазаараҿы иара даласахеит. Акырынтә исҳәахьеит, сзанааҭ ашьҭыхра иара иоуп изыбзоуроу. Ианысҳәогьы схаҭагьы иџьасшьоит ишԥаҟала ҳәа", — абасала далагеит лгәарашәарақәа реиҭаҳәара ажурналист, акыр шықәса Озган ихьӡала аматериал еидызкылоз, нас ашәҟәы ҭзыжьыз Екатерина Бебиаԥҳа. 

Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь убас ихьынҭаӡа, агәакьа дынуԥхо хьанҭарак ушаҵо еиԥш саҵоуп саргьы, лҳәоит Озган еиҳәшьас иҟаиҵаз Екатерина Бебиаԥҳа.

"Сани сабеи рыԥсра еиԥш сгәы иқәуп иара иԥсра. Ихьыӡ анаӡаӡаҭәра сара исуалны исыпхьаӡоит. Ааигәа сгәы иҭоуп Нхыҵ Кавкази Ҭырқәтәылаҟеи ацара, иара уа дшыргәалашәоз азы анҵамҭақа рыҟаҵаразы. Анаҩс иҟаҵоу афильм харҭәааны, ашәҟәи афильми ҟасҵарц сҭахуп", — абас лыгәҭакқәа дырзааҭгылеит арҿиаҩы.

Константин Озган изку архивтә фотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Константин Озган изку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра

Константин Озган диит лаҵарамза 15 1939 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. 1978-1989 шықәсқәа рзы ареспубликаҟны имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа зегьы дрылахәын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дахьалахәыз азы иара иусура дамхын. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Константин Озган Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аекономика аминистрреи напхгара риҭон, Ашәахтә маҵзура ахантәаҩыс дыҟан, Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс далхын. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика абыргцәа Рхеилак дахагылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0