Абзиабареи, агәырҩеи: "Бернарда Альба лыҩны" аҽазыҟаҵарақәа

Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны, мшаԥымза 11 рзы ахәаҧшцәа ирыдгалахоит аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иалху аспектакль.

Аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иаанарԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа. Зыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацара. Аха рыцхарас иҟалаз бзиа илбо арԥыс Пепе аеҳәшьцәа зегьы бзиа деицырбоит.

Ихадоу Бернарда Альба лхаҿсахьа налыгӡоит Аԥсны Жәлар рартистка Изольда Арухааԥҳа. Аҩны ахылаԥшҩы Понсиа лхаҿсахьа налыгӡоит Ирина Коӷониаԥҳа, Бернарда лан Мариа Хосефа лроль налыгӡоит Тома Аҩӡԥҳа, аԥҳацәа рроль нарыгӡоит Циала Инаԥшьԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Гәында Ажьиԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Ашьна Ҳагԥҳа. 

Апремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0