Рауль Ҳаџьымба аԥсуа бызшәа ахархәара шырҭбаатәу далацәажәеит

Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит.

Аԥсуа бызшәа ахаҵгылара иахьа иаҭамзар, уаҵәы ихьшәахоит, ҳазҿу ҳуысқәа зегь башахоит ҳбызшәа анаҳзымыхьча, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҟны аҩаша лаҵарамза 30 рзы. 

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Аилатәара иалахәын Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы Беслан Барцыц, аминистрцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа. Ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аҳәынҭқарратә бызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкааразы лаҵарамза ҩба рзы Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу азы азҵаара ықәиргылеит. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа ахархәара иахьа иаҭамзар, уаҵәы ари азҵаара ахаҵгылара хьшәахар ҟалоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0