Адунеизегьтәи VII аԥсуа-абаза конгресс аизара аартраҿы Аԥсны Ахада дықәгылеит

Анапаҵаҩра
Аизара рхы аладырхәырц Аԥсныҟа иааит аԥсуа-абаза рхылҵшьҭрақәа адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи.

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

"Шәара шәеизеит ахәшьара ашәҭарц ҭоурыхла ҳазнысыз амҩа, иахьатәи ҳҭагылазаашьа, иазгәашәҭарц ԥхьаҟатәи ҳусқәа, иҳагу иҳабзоу. Ишдыру еиԥш, Аконгресс, зымҽхак ӷәӷәоу, ауаажәларратә хеидкыла аҳасаб ала иит ишьақәгылеит ҳажәлар рлахьынҵа зыӡбоз, аҭакԥхықәра зцыз аамҭазы, Аԥсны аџьынџьтәылатәи аибашьраан", — иҳәеит атәыла Ахада.
Иахьа, ари аиҿкаара адац-ԥашә акырӡа иарҵаулахьеит, аԥсуааи абазақәеи рыгәҭыха ахьеибырҳәо, рыхшыҩ ахьеиларҵо ҩнаҭа дук иаҩызахеит, ациҵеит иара.
"Иахьагьы амчхара шамоу иаанхарц азы, аҵыхәа ԥҵәахар ауп аҽеиҩшара, Аконгресс ахыбра аҵаҟа еицынхароуп зегьы. Иахьа ара еиниаз хьаас ишшәымоу здыруеит шьала иаагоу Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иҵегь рышьақәырӷәӷәаразы рзы амҩақәа рыԥшааразы", — иҳәеит Ахада.

Аԥсны гәыҵхас иамоуп иуадаҩу азҵараақәа рыӡбаразы, урҭ рахьтә адемаграфиа, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа арҿиара, аԥсуа-абаза бызшәақәа реиқәырхара уҳәа азҵаарақәа, азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0