Boeing аԥҽыхақәа алгаразы Голландиатәи аусуаҩцәа аԥкаанҵа аҵаҩрҩуам

Boeing аԥҽыхақәа алгаразы Голландиа аԥкаанҵа аҵаҩра иахыццакуам
Boeing аԥҽыхақәа алгаразы Голландиа аԥкаанҵа аҵаҩра иахыццакуам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи Жәлар Республика атранспорт аминистр Семен Кузменко иааицҳауеит Голландиа ахаҭарнакцәа Boeing аԥҽыхақәа ргаразы аԥкаанҵа рнапы шаҵармыҩыц, уаҟа Донецктәи Жәлар Республика аӡбахә ахьҳәоу азы. Уи аҵаҩра алыршахар ауеит ари апроцесс Малаизиа аҽаналагалак ашьҭахь.

АҞӘА, абҵ 14 – Sputnik. Донецк иҭархаз малаизиатәи аҳаирплан Boeing аԥҽыхақәа ралгаразы аԥкаанҵа Голландиа макьана иаҵанамҩыцт. Уи ахҟьоит уаҟа иазхаҵам Донецктәи Жәлар Республика аӡбахә ахьҳәоу. Аԥкаанҵа аҵаҩра алыршахар ауеит Малаизиа ари апроцесс аҽаналанархәлак ашьҭахь, иҳәеит ДЖӘР атранспорт Аминистр Семен Кузменко.

"Сгәы иаанагоит, урҭ аԥкаанҵа рнапы аҵарҩып ҳәа, малаизиатәи аган анрықәыӷәӷәалак ашьҭахь. Избанзар Голландиатәи аспециалистцәа аҭакԥхықәра рыдуп иҭахаз рыбаҩи аҳаирплан аԥҽыхақәеи реизгаразы", — иҳәеит Кузменко.

Ареис Амстердам – Куалу-Лумпур ҭархан ԥхынгәы 17 Донецк ааигәара. Аҳаирплан иҭан 298-ҩык ауаа, урҭ зегь ҭахеит. Киевтәи анапхгара ахара рыднаҵеит Донецк зыхьчо амчқәа. Аха Донецк ахьчацәа ирҳәеит аҳаирплан ҭазырхаша абџьар шрымам.

Ажәабжьқәа зегьы
0