Донецк алахысра иахҟьаны аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит

© Sputnik / Андрей Стенин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДонецк алахысра иахҟьаны аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит
Донецк алахысра иахҟьаны аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецк Куибышетәи, Петровсктәи араионқәа ирылахысын, уи иахҟьаны аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит.

АҞӘА, ԥхҷ 9 – Sputnik. Аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит ԥхынҷкәын ааба ауха Донецк алахысра аан. Иазгәаҭатәуп, ари шыҟалаз ахысра аанкылараз аиқәшаҳаҭра аусура ианалагашаз аамҭазы. Абри атәы аанацҳауеит Донецктәи Жәлар Рреспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.

"Ашәахьа ахәылбыҽхеи аухеи Донецк араионқәа Куибышевски Петровски ирылахысуан, уи иахҟьаны аӡә дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Ааха аиуит азауад "Стройдеталь" атранспортә цәаҳәа. Куибышевтәи араион аҟны ааха ӷәӷәа роуит ауаа рынхарҭақәа", — рҳәеит Донецк Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы.

Уажәы Донецк ҭынчроуп, ахысбыжьқәа гаӡом. Ахысра аанкыларазы аганқәа реиқәшаҳаҭра амчра амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ԥхынҷкәын 9, асааҭ 10 инаркны.

 
 
 

Ажәабжьқәа зегьы
0