Миллионҩык ауаа инареиҳаны еизеит Грозныи

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМиллионҩык ауаа инареиҳаны еизеит Грозныи
Миллионҩык ауаа инареиҳаны еизеит Грозныи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Миллионҩык ауаа инареиҳаны рхы аладырхәит Чечниа аҳҭнықалақь Грозныи имҩаԥысыз аизара апророк Муҳаммад икорректурақәа рықәыӡбра иазкыз аҿы.

АҞӘА, жьҭ 19 – Sputnik. Миллионҩык инареиҳаны ауаа аԥсылманра адгыларазы имҩаԥгаз аизара рхы аладырхәеит. Амитинг иалахәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Чечниа иқәынхо ауаажәлар рыдагьы Урыстәыла егьырҭ ахәҭақәа рҟынтә аԥсылманцәа. Абри атәы аанацҳауеит асаит "Россия для всех".

Грозныи инеиз рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Урыстәыла амуфтицәа рхада амуфти Равиль Гаинутдин, аԥсылманцәа ркоординациатә центр аиҳабы Исмаил Бердиев.

Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Чечниа Ахада Рамзан Кадыров. Уи еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьиҳәеит аԥсылманцәеи апророк Муҳаммади рыларҟәра аӡәгьы ишилымшо, азингьы шимам.

Амитинг аҿы дықәгылеит иара убас, аепископ Варлаам.

"Ҳара иахьа шәара ҳшәыцуп, "Мап" ҳәа раҳҳәоит мраҭашәаратәи атәылақәа адинқәа реиҿажьра зҽазызкуа", — иҳәеит уи.

Аизара хыркәшан ашҭа "Минутка" инаркны Аҳмаҭ-Ҳаџьы Кадыров ихьӡ зху "Сердце Чечни" аџьаама аҟынӡа шьапыла анеира ала. Уаҟа анцәаиҳәара мҩаԥган.

Ажәабжьқәа зегьы
0