Ҭырқәтәыла Урыстәылаҟа еиҳаны аџьыкахыш ашьҭра иазхиоуп

© Фото : MUSTAFA OZER/AFPҬырқәтәылатәи ақалақь Кониа аҟны аџьыкахыш аизгара. Архивтә фото.
Ҭырқәтәылатәи ақалақь Кониа аҟны аџьыкахыш аизгара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ажәалагала ҟанаҵеит Урыстылаҟа аџьыкахыш еиҳаны иашьҭларц, ааигәа Роспотребнадзор украинатәи "Артемсоль" Урыстәылаҟа аҭагалара азин ахьамнахыз азы.

АҞӘА, ажь 27 — Sputnik. Ҭырқәтәыла аекономика аминистрра Урыстәыла Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәа рԥылараан аџьыкахыш ашьҭра амҽхакқәа рырҭбаара азҵаара иалацәажәарц ргәы иҭоуп. Абр атәы аанацҳауеит РИА Новости.

2014 шықәса абҵарамза 26 инаркны "Артемсоль" иҟанаҵо аџьыкахыш иалазарц зыхәҭоу аиоди, егьырҭ ахәҭақәеи рганахьала агхақәа ҟаҵан, убри аҟнытә "Рспотребнадзор" ҷыдала ари аалыҵ мап ацәнакит.

Роспотребнадзор украинатәи "Артемсоль" аалыҵ Урыстәылаҟа аагара ауӡом

Ҭырқәтәылатәи аекономика аминистрраҿы аекспорт аҟәша аиҳабы Канер Бозата иажәақәа рыла, ҭырқәтәылатәи аџьыкахыш аекспорт иахьазы 50 нызқь тонна ыҟоуп, аха Ҭырқәтәыла уи ахыԥхьаӡара акырынтә еизнарҳар алшоит. Ари азҵаара ҭагалан ирзықәгылахьан, иалацәажәахьан.

Иреиҳау ҭырқәтәылатәи аџьыкахыш ашьҭыҩцәас иҟоуп абарҭ ҩ-наплакык: Koyuncu, Emekcioglu Tuz, Mutlucan Tuz. Урҭ рҟынтә ҩба Урыстәылаҟа аџьыкахыш ашьҭра ишазхиоу шьақәдырӷәӷәахьеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0