Лавров: Обама иҿы иқәшаҳаҭхеит Украинатәи ахҭысқәа Америка шалахәу азы

© Фото : AP Photo/Andrew Kravchenko, PoolПомощник госсекретаря США по вопросам Европы и Евразии Виктория Нуланд и посол США в Украине Джеффри Пиатт на площади Независимости в Киеве
Помощник госсекретаря США по вопросам Европы и Евразии Виктория Нуланд и посол США в Украине Джеффри Пиатт на площади Независимости в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду Америктә Штатқәа рхада Барак Обама ателеканал CNN иаиҭаз аинтервиу аҟны Украинатәи ахҭысқәа дрылацәажәо иҳәеит "Вашингтон ишалшаз Киев амчра аԥсахра" ҳәа.

АҞӘА, 2 жәб — Sputnik. "Вашингтон иалшеит Киев иҟоу амчра аԥсахра" ҳәа Еиду Америкатә Штатқәа рхада Барак Обама ииҳәаз даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит Украина имҩаԥысыз амчра аԥсахра ишиашоу Америка шалахәыз, иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Пекин имҩаԥысуаз аилацәажәара Урыстәыла-Индиа-Китаи анхыркәшаха ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Амҽышаҽны ателеканал CNN аинтервиу анаиҭоз Обама иазгәеиҭеит "Вашингтон иалшеит Киев иҟоу амчра аԥсахра" ҳәа. Уи адагьы иара иациҵеит Америка ԥхьаҟагьы украинатәи аиҳабыра афинанстә цхыраара шанаҭало, Урыстәыла аганахьала адипломатиатә, аекономикатә қәыӷәӷәара шеизнарҳало.

Сергеи Лавров иажәақәа рыла, америатәи ахада иеибашьратә риторика иаанаго, Америка аԥхьаҟагьы бџьармчыла украинатәи аконфликт аӡбара адгылароуп. Аминистр еиҭахгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәара шыҟанаҵо аконфликт иалахәу аҩ-ганкгьы уи хаала аӡбара рҽазыршәарц.

Украина аиҳабыра иаҳхысыз ашықәс мшаԥымзазы атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы абџьармчы рхы иадырхәо иалагеит аҳәынҭқарратә мчра аԥсахра иаҿагылаз рганахьала. ООН аҵыхәтәанытәи адыррақәа рыла, аконфликт аҟны иҭахахьеит  хә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, жәа-нызқьҩык ахәрақәа роуит. Ԥхынҷкәын 9 инаркны аибашьра аанкыларазы аиқәшаҳаҭра аус ауеит ҳәа иԥхьаӡоуп, аха аганқәа акырынтә уи аиқәшаҳаҭра шеиларгахьоу азы ахарақәа рыдеибаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0