Sputnik еилнакааит Америка атәылауаа аполициа агәра ахьынӡарго

© Фото : AP Photo/Charles KrupaБостон ақалақь аполициа. Архивтә фото.
Бостон ақалақь аполициа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik адҵала акомпаниа ICM Research иҟанаҵаз аҭҵаара иаанарԥшит афроамериканцәа рыбжьара аполдициа аусура бзиоуп ҳәа изыԥхьаӡо 33% шракәу.

АҞӘА, жәб 10 – Sputnik. Sputnikи Британиатәи акомпаниа ICM Research еицхырааны иҟарҵаз аҭҵаара алҵшәақәа рыла, Америка атәылауаа аполициа иахьчоит ҳәа агәра зго рхыԥхьаӡара 50% иреиҵоуп.

Азҵаара "иарбан мчратә усбарҭоу зегь реиҳа ауаа зыхьчо", аҭак ҟазҵаз рахьтә абжеиҵырак — 46% ргәы иаанагоит уи аполициеи ашерифи роуп ҳәа. Аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Америка аконституциа аҩбатәи ахәҭаҷ, уи ишаҳәо ала, ауааԥсыра азин рымоуп абџьар аныҟәгареи аҵәахреи. Уи азҵаара ахацәа рзы еиҳа ихадароуп 29 % аҳәса раасҭа 13%. Америка атәылауаа ашәарҭадаратә усбарҭақәа рҟынтәи ахԥатәи аҭыԥ аҟны идыргылеит амцарцәаратә усбарҭақәа – 12%.

Ашәарҭадара аԥызҵо аусбарҭақәа рыбжьара еиҳа алҵшәақәа аазырԥшуа  ралкаараан иҟалеит аиқәшаҳаҭымхара. Убас, азҵаара зыҭаз афроамериканцәа рыбжьара ахԥатәи рыхәҭоуп (33%) агәра зго аполициеи ашерифцәеи ахьчоит ҳәа. Афроамериканцәа аҩбатәи аҭыԥ аҟны идыргылоит апрограмма "Згәызҽану агәыла". Уи аӡбахә рҳәеит азҵаара зыҭаз 19 % ауааԥсыра.

Агеографиатә план ала аҽалнакаауеит Аҩада-мрагылара, уаҟа Аконституциа аҩбатәи арҽеира еиҳа имаҷны аӡбахә рҳәеит (15%), еиҳарак  иазгәарҭеит аполициатә потрульқәа — 13%.

Жьҭаареи ԥхынҷкәыни Америка имҩаԥысит хыԥхьаӡара рацәала апотесттә акциақәа. Урҭ мзызс ирзыҟалеит хықәкыда аполициа аусзуҩцәа ауаа ахьҭдыргәаҟуаз. Америка ауаажәлар рҟны иҟаз аилаҩеиласра ахҟьеит иара убас афроамерикантәи ауаҩы Ерик Гарнер иҭахара – уи дхәаҽны дыршьит аполициа аусзуҩцәа данааныркылоз, иара убас, Маикл Браун – уи аполициа аусзуҩцәа иеихсны дҭадырхеит ақалақь Фергиусон Миссури аштат аҟны.

Азҵаара мҩаԥнагеит агентра ICM Research аинформациатә маҵзура Sputnik адҵала. Азҵаара мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 5 инаркны 17-нӡа. Аҭҵаара рҽаладырхәит зықьҩык ауаа инареиҳаны. Азҵаара иалахәын аҳәса, ахацәа, еиуеиԥшым амилаҭқәа ирыҵарку, нхарҭа ҭыԥлагьы еицәыхароу.

Ажәабжьқәа зегьы
0