Путин: аганқәа ихадароу аҟны еиқәшаҳаҭхеит

© REUTERS / Mykhailo PalinchakВладимир Путин аиҿцәажәарақәа рҟны
Владимир Путин аиҿцәажәарақәа рҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла апрезидент Владимир Путин еиҿагылоу аганқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ачҳара аадырԥшларц ашьакаҭәара аанкыларазы.

АҞӘА, жәб 12 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ажурналистцәа данрыҿцәажәоз иазгәеиҭеит Украина аибашьра аанкыларазы аимадаратә гәыԥ  аус шауаз иҳаҩсыз аухаз. Аиҿцәажәарақәа даара иуадаҩны имҩаԥысуан, аха урҭ ирыбзоураны иҳалшеит ихадоу азҵаараҿы аиқәшаҳаҭхара, иҳәеит Путин. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik Белоруссиа акорреспондент.

"Иҳаҩсыз ауха исазхҳәаауам сыԥсҭазаараҿы иреӷьыз ак акәын ҳәа, аха ихадароу азҵаараҿы аиқәшаҳаҭхара ҳалшеит. Абџьар хьанҭа наскьагахоит еиҿагылоу аганқәа еиҟәыгахоит", — иҳәеит Урыстәыла ахада аимадаратә гәыԥ аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа аихшьаала рзыҟаҵо.

Украина аибашьра аанкыларазы аиҿцәажәарақәа Минск иалагеит ахаша  20:00 сааҭ инарзынаԥшуа, иагьымҩаԥысуан 14 сааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0