Пургин игәаанагарала Донбасс абжьаҟазаҩцәа ралагалара заацәоуп

© AFP 2023 / DIMITAR DILKOFFПургин игәаанагарала Донбасс абжьаҟазаҩцәа ралагалара заацәоуп
Пургин игәаанагарала Донбасс абжьаҟазаҩцәа ралагалара заацәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи ареспублика жәлар рсовет ахантәаҩы Андреи Пургин иҳәеит аурысқәа рыда Донбасс абжьаҟазаҩцәас аӡәгьы дзыҟалом ҳәа.

АҞӘА, жәб 19 – Sputnik. Донецктәи ареспублика жәлар рсовет ахантәаҩы Андреи Пургин игәы иаанагоит Донбасс абжьаҟазаҩцәа ралагалара макьаназы заауп, аха урҭ ҟалозар урҭ Урыстәыла амчқәа ракәзар ауп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахьчареи рмаӡаныҟәгаҩ Александр Турчинов иҳәеит абжьаҟазаратә мчқәа аиҿагылара ацәаҳәеи, Киев рнапаҿы иҟам аҳәааи рҟны. Турчинов агәыӷра ааирԥшит Украина Арада Еиду атәылақәа реилазаареи Евроеидгылеи рахь иҟаҵахо ааԥхьара Украина абжьаҟазацәа ралагаларазы. Уи аԥхьаҟа Украина ахада Петр Порошенко иҳәеит Евроеидгыла аполициатә миссиа иреиӷьхо форматхоит Украина азы ҳәа.

"Ҳара абжьаҟазацәа ҳҭахызаргьы, урҭ Урыстәылантә иҟоу ракәзар ауп. Аха уажәы ОБСЕ ахылаԥшратә функциа нанагӡоит. Ари азҵаара алацәажәара макьана изаацәоуп", — иҳәеит Пургин аԥшьашаҽны.

Жәабран 12 рзы Урыстәылеи, Франциеи, Украинеи, Германиеи  Украина аибашьра аанкыларазы аиҿцәажәарақәа хдыркәшеит. Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа аиӷьтәразы адокумент аус адулара мҩаԥысуан акыр сааҭ инеиԥынкыланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0