Аахыҵ-Уаԥстәылеи Урыстәылеи реилаҵәаразы аиқәшаҳаҭра Путин изынашьҭуп

© REUTERS / Mykhailo PalinchakАахыҵ-Уаԥстәылеи Урыстәылеи реилаҵәаразы аиқәшаҳаҭра Путин изынашьҭуп
Аахыҵ-Уаԥстәылеи Урыстәылеи реилаҵәаразы аиқәшаҳаҭра Путин изынашьҭуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ-Уаԥстәылеи Урыстәылеи реиҩызареи реилаҵәареи рзы аиқәшаҳаҭра иазгәанаҭоит атәылақәа еицырзеиԥшу ашәарҭадаратә ҳәаақәа реиҿкаареи ацәгьоурақәа рҿагыларазы амчрақәа раԥҵареи.

АҞӘА, жәб 25 – Sputnik. Урыстәыла аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарра ахада Владимир Путин иахь инанашьҭит Аахыҵ-Уаԥстәылеи Урыстәылеи реиҩызареи реилаҵәареи рзы аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аанаҵҳауеит РИА Новости аминистрцәа реилазаара аинформациа ала.

"Аиқәшаҳаҭра анапаҵҩразы Урыстәыла ахада иахь инашьҭтәуп", — ҳәа ануп адокумент.

Аиқәшаҳаҭра иацу аилыркаага ишану ала, уи амчра амоуп 25 шықәса "ес-жәашықәса амчра ацҵаразы алшара азныжьны".

"Аиқәшаҳаҭра арҿиаразы напы рыҵаҩхоит уи аҩнуҵҟа хаз игоу аиқәшаҳаҭрақәа, атәылақәа еицырзеиԥшу ашәарҭадаратә ҳәаақәа реиҿкаареи, ацәгьоурақәа рҿагыларазы амчрақәа раԥҵареи уахь иналаҵаны", — ҳәа ануп аилыркаага.

Ажәабжьқәа зегьы
0