Дебальцево ақалақь аиҭашьақәыргылара иалагеит

© Sputnik / Джон Траст / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Дебальцево
Ситуация в Дебальцево - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы ааха ӷәӷәа зоуз ақалақь Дебальцево аиҭашьақәыргыларазы Донецк аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, аволонтиорцәа, иара убас ауаажәларратә хеилакқәеи ирылшо ала ацхыраара ҟарҵоит.

АҞӘА, хәжәк 1, — Sputnik. Аиҭашьақәыргыларатә хеилакқәеи,аҧсеиқәырхацәеи Дебальцево аинфраструктура аиҭашьақәыргыларазы аусқәа ирылагеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Донецк аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Алексеи Кострубицки иажәақәа рыла.

Дебальцево араион аҟны Украина армчқәеи аҭыԥантәи ауааԥсыра игылази рыбжьара аибашьра ӷәӷәа цон. ақалақь ахьчаҩцәа ирҳәалон армчқәа амацәаз ишҭаркыз атәы, дара ражәақәа рыла Украина армчқәа гәыҧ-гәыҧла рабџьар карыжьуан.

"Хәыҷы-хәыҷла ихадоу акоммуникациақәа реиҭашьақәыргылара ҳалагеит. Иахьа аӡы ааиуа аҟаҵара ҳалшеит", — иҳәеит Кострубицки.

Аминистр убасгьы иациҵеит иахьазы афымцамчы ақалақь ахь анагаразы аиҭашьақәыргыларатә усқәа ишырҿу. "Ахашазы афымцамчы ааиуа иҟаҳҵоит, аҧшьашаҽны ахәышәтәырҭақәа, ашколқәа уҳәа рҟны инеиуа иҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп", — аациҵеит аминистр.

Дебальцево ақалақь аҟны иахьатәи аамҭазы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, аволонтиорцәа, иара убас ауаажәларратә хеилакқәеи ирылшо ала ақалақьуаа ирыцхыраауеит. Ақалақь ашҭа хадаҟны агенераторқәа аус руо иалагеит, ақалақьуаа уа инеины рҭелқәеи, рлашарбагақәеи аҿаркуеит. Аҭыԥантәи ахәышәтәырҭахь лассы-лассы агуманитартә цхыраара рыманы амашьынақәа адгылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0