Лагард: Бырзентәыла ақәшаҳаҭхоит изаамҭанытәу атранш ашәара

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛекция директора-распорядителя Международного валютного фонда Кристин Лагард
Лекция директора-распорядителя Международного валютного фонда Кристин Лагард - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор Кристин Лагард илҳәеит ишьақәгылаз еилкаам аҭагылазаашьа Грециа аинтересқәа ирықәшәом ҳәа, иара убас гәахәарылагьы илыдылкылеит мшаԥымза 9 рзы изаамҭанытәиу атранш ашәара ахьазгәаҭоу азы.

АҞӘА, мшԥ 6 – Sputnik. Грециа ақәшаҳаҭхеит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ашәҟа изаамҭанытәу атранш ашәаразы, иара убас ашәахьа инаркны аекономикатә политика иазкны аицәажәарақәа рылагара ахьазгәаҭоу азы, лҳәеит амҽыша ЖӘАФ адиректор Кристин Лагард Грециа афининсқәа рминистр Ианис Варуфакиси лареи реиԥылара ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара иазгәаҳҭеит ишьақәгылаз еилкаам аҭагылазаашьа Грециа аинтересқәа ишрықәымшәо. Сара гәахәарыла исыдскылеит мшаԥымза жәба рзы иазгәаҭоу атранш изаамҭанытәу ашәара", — лҳәеит Лагард.

Лагард лажәақәа рыла, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Грециа аусура ишацнаҵо атәыла аизҳара азы.

Грециа Евро-еидгылеи, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди рҟнытә иаиуит 240 миллиард евро акредиттә ԥарақәа. Грециа аиҳабыра ҿыц ааигәа ахадарахь инеиз ирҳәеит акредиттә политика аиҭахәаԥшра ргәы ишҭоу, аха уи акредиторцәа ақәшаҳаҭым.

Ажәабжьқәа зегьы
0