Аспорттә еицлабра ралли иалагеит Шәача

© Sputnik Илона ХварцкияАспорттә еицлабра ралли иалагеит Шәача
Аспорттә еицлабра ралли иалагеит Шәача - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аклассикатә ралли азы Урыстәыла ахраҿа иаарту аетап Шәача иалагеит.

ШӘАЧА,  мшԥ 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. "Формула 1" Урыстәыла Агран-при аицлабратә мҩаҟны иалагеит аклассикатә ралли азы Урыстәыла ахраҿа иаарту аетап, абри атәы аҭыԥантәи иаиишьҭуеит Sputnik акорреспондент.

Аицлабрақәа рнапхгаҩы Алексеи Ершов ишазгәеиҭаз ала Шәача ралли мҩаԥырымгеижьҭеи 8 шықәса ҵуан.

"Ирацәаны аԥсшьара ҳаман. Идырны апауза ҳгеит. Олимпиатә хәмарракәеи "Формула 1" мҩасыр, уи ашьҭахь ахыбрақәа, аобиектқәа шынхоз еилаҳкаауан, нас ҳхынҳәырц азы алшара шҳамазаауа. Абар ҳхынҳәит", – иҳәеит Ершов.

Ақалақь Шәача ахада раԥхьатәи ихаҭыԥуаҩ Анатоли Рыков иазгәеиҭеит акурорттә қалақь аҟны ас еиԥш иҟоу аспорттә хәмаррақәа рымҩаԥгара ҵакыс иамоу.

"Ҳара ҳзы уи ихадоу акоуп. "Формула 1" шықәсык азы знык ауп ианымҩаԥырго, ари ахҭыс жәларбжьаратәи аҩаӡара амоуп, хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа азҿлымҳауп. Аха шәареи ҳареи шықәсык азы 365 мыш ҳамоуп. Уи абзоурала амашьынатә спорт абзиабаҩцәа рзы еиуеиԥшым ахәмаррақәа азырхианы иҳамоуп. Иаагоу аусмҩаԥгатә – урыстәылатәи аҩаӡара амоуп. Уаазхәыцыр, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҿра аанарԥшуеит. Ари аҵакырадгьыл аҟны аурыс амашьынтә спорт абзиабаҩгьы иара ихатә сегмент имазаауеит ҳәа ҳгәыӷуеит", –иҳәеит Рыков.

Ралли аицлабраҟны амацәазтә трек алархәуп. Астарт, афиниш, иара убас иҷыдоу арццакра ахьауа аҭыԥқәа мҩасуеит аицлабратә мҩаҟны. Ралли иалахәуп Урыстәылеи Естониеи рҟынтәи 20 тандем. Аиԥхныҩлаҩцәа Шәача ақалақь иакәшоит. Амаршрут 90 километр рҟынӡа инаӡоит.

Аклассикатә ралли азы Урыстәыла ахраҿа иаарту аетап ҩымыш имҩаԥыслоит, аспорттә хәмаррақәа хыркәшазаауеит мшаԥы 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0