Непал иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ҩ-нызқьҩык ауаа инареиҳаны иҭахеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНепал иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ҩ-нызқьҩык ауаа инареиҳаны иҭахеит
Непал иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ҩ-нызқьҩык ауаа инареиҳаны иҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Непал аҳҭнықаақь Катманду 700-ҩык инареиҳаны иҭахеит, адгьылҵысра иахҟьаны ахыбрақәа маҷымкәа ибгеит.

АҞӘА, мшԥ 26 – Sputnik. Асабшаҽны Непал иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара ҩ-нызқьҩык иреиҳахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Атәыла аиҳабыра уаанӡа изларҳәоз ала, иҭахаз 1900-ҩык иреиҵамызт.

Аинормациатә маҵзура Франс Пресс аҭыԥантәи аиҳабыра ражәақәа рыла излаанацҳауа ала, иҭахаз ҩ-нызқьык иреиҳахахьеит. 

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Непал аҳҭнықаақь Катманду 700-ҩык инареиҳаны иҭахеит, адгьылҵысра иахҟьаны ахыбрақәа маҷымкәа ибгеит.

7,9 балл амчхара змаз адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит Непал асабша ашьыжь асааҭ 06.11 рзы. Адгьылҵысра агәҭа Непал аҳҭнықалақь Катманду 82 километр иацәыхаран.

2013-2015 шықәсқәа рзы адунеи аҿы иҟалаз адгьылҵысра дуқәа

Мшаԥымза 17, 2015 шықәсазы 6,5 балл амчхара змаз адгьылҵысра ҟалеит Фиджи ареспублика аҿы. Адгьылҵысра аепицентр 224 километр бжьан Фиджи ақалақь Ламбаса аҟынтәи.   


Ажәабжьқәа зегьы
0