Европа аоппозициатә партиақәа разҿлымҳара мзызс иамоу зҵаарала еилкаан

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги Евросоюза в Берлине
Флаги Евросоюза в Берлине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу атәы азгәарҭоит Испаниа иқәынхо рҟынтәи 49% ауааԥсыра, 50% иазгәарҭоит иззыԥшыз агәыӷрақәа ахьылҵшәадахаз инамаданы аоппозициатә партиақәа еиҳа иазхарҵо иалагеит ҳәа.

АҞӘА, рашә 16 — Sputnik. Британиатәи аҭҵааратә агентра ICM Research "Sputnik. Агәаанагара" Франциеи, Британиа Дуи, Испаниеи рҟны  иҟанаҵаз ауааԥсыра разҵаара иаанарԥшит ареспондентцәа европатәи аоппозициатә партиақәа рыҳаҭыр аизҳара зыхҟьаз ҳәа еиҳарак х-мзызк шазгәарҭаз: аиммиграциа аҩаӡара адура (47%), ауаа зықәдыргәыӷхьаз инагӡамкәа иахьаанхаз (46%), Еврохеилак агәрагара ацәыӡра (38%).

"Шәара шәгәаанагарала аоппозициатә партиақәа раларҵәара мзызс иамоузеи?» ҳәа изазҵааз англызцәа рҟынтәи (53%), афранцызцәа рҟынтәи (30%) агәра ганы иҟоуп арҭ апартиақәа раҳаҭыр зышьҭыҵыз Еврохеилак агәрагара ауааԥсыра иахьырцәыӡыз азы ахьакәу.

Аекономикаҟны ақәымҿиарақәа мзызны иазырыԥхьаӡоит 44% аиспан уааԥсыреи афранцыз уааԥсыреи.

Асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иалацәажәоит Испаниа иқәынхо рҟынтәи 49% ауааԥсыра, 50% иазгәарҭоит иззыԥшыз агәыӷрақәа ахьылҵшәадахаз инамаданы аоппозициатә партиақәа еиҳа иазхарҵо иалагеит ҳәа.

Изазҵааз зегь рҟынтәи "исыздырам" мамзаргьы "аҽа ҭакк" ҟарҵеит 10%, 11%.

Азҵаарақәа ҟанаҵон ажәабжьтә агентра Sputnik азы аилахәыра ICM Research, Испаниеи, Франциеи, Британиа Дуи рҟны. Иразҵаан 4 097-ҩык ауааԥсыра, Британиа – 2005-ҩык, Франциа – 1041-ҩык, Испаниа – 1051-ҩык.

© SputnikАоппозициатә партиақәа реизҳаразы европауаа ргәаанагара
Аоппозициатә партиақәа реизҳаразы  европауаа ргәаанагара - Sputnik Аҧсны
Аоппозициатә партиақәа реизҳаразы европауаа ргәаанагара
Ажәабжьқәа зегьы
0