Европаа рыбжеиҵырак Евро-Еидгыла ахатә ар амазароуп ҳәа иазхәыцуеит

© AFP 2023 / EMMANUEL DUNANDЕвропаа рыбжеиҵырак Евро-Еидгыла ахатә ар амазароуп ҳәа иазхәыцуеит
Европаа рыбжеиҵырак Евро-Еидгыла ахатә ар амазароуп ҳәа иазхәыцуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азҵаарақәа мҩаԥнагон аилахәыра ICM Research ажәабжьтә агентра Sputnik азы, 2015 шықәса лаҵарамза 1 инаркны 4 рҟынӡа, Британиа Дуи, Франциеи, Германиеи атәылақәа рҟны. Иааидкыланы ирызҵаан 4 096-ҩык ауааԥсыра ( 2005-ҩык Британиа Ду, 1041-ҩык Франциа, 1050 Германиа). Иалкааны изазҵааз еихшан: ахаҵа аԥҳәыс, ашықәс, агеографиа рҭагылазаашьала.

АҞӘА, рашәара 30 — Sputnik. Британиа Дуи, Франциеи, Германиеи рҟны Британиатәи аҭҵааратә агентра ICM Research жәларбжьаратә агентреи арадио Sputnik ази имҩаԥнагаз, изаамҭанытәиу ауааԥсыра разҵаара адыррақәа инарықәыршәаны, "Sputnik. Агәаанагарақәа" ишаанацҳауа ала иналак-аалакны изызҵааз рҟынтәи хыџьара ишаны рыхәҭак агәра ганы иҟоуп Европатәи ахеилак НАТО ар ирықәымгәыӷуа, ахатәы ара аманы иҟазароуп ҳәа.

"Шәара шәгәаанагарала ахатәы интересқәа рыхьчаразы Европатәи ахеилак ахатәы ар аманы иҟазароума мамзаргьы  европатәи аинтересқәа НАТО иахьчалар аума?" ҳәа иқәыргылаз азҵаара аҭакс изазҵааз рҟынтәи 28% иазырыԥхьаӡоит ахатәы интересқәа рыхьчаразы ар аԥҵатәуп ҳәа.

Аҳәынҭқарра ахатәы ар рыла ихьчатәуп ҳәа еиҳарак иазырыԥхьаӡоит Франциа  (37%). Германиа иқәынхо ауааԥсыра рҟынтәи изазҵааз  рахь рыбжаҩыки (47%),  Британиа Ду ауааԥсыра рҟынтәи (48%) атәылаҟны НАТО ар рыҟазаара иадгылаҩцәоуп, аха иара убри аамҭазы Германиа атәылауаа рыбжьара ирацәаҩуп (36%) ахатәы ар атәыла зыхьчо мчраны иахәаԥшуа.

Азҵаарақәа мҩаԥнагон аилахәыра ICM Research ажәабжьтә агентра Sputnik азы, 2015 шықәса лаҵарамза 1 инаркны 4 рҟынӡа, Британиа Дуи, Франциеи, Германиеи атәылақәа рҟны. Иааидкыланы ирызҵаан 4 096-ҩык ауааԥсыра (2005-ҩык Британиа Ду, 1041-ҩык Франциа, 1050 Германиа). Иалкааны изазҵааз еихшан: ахаҵа аԥҳәыс, ашықәс, агеографиа рҭагылазаашьала.

Ауснагӡатә агәрагара 95%  рҟынӡа иҟалар ауазар, иааидкылан атәылаҟны адыррақәа рзы агәрагаратә бжьаӡара  +/- 3,1% шьақәнаргылоит.

Апроект   "Sputnik. Агәаанагарақәа" закәу

Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы жәларбжьаратәи апроект аусура хацнаркит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Лахәылак аҳасабала иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә еилахәыра ICM Research.  "Sputnik. Агәаанагарақәа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит Европа атәылақәеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи  рҟны ауаажәларратә гәаанагараз азҵаарақәа – еиҳа актуалра зланы иҟоу асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рганахьала.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә агентра, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0