Европатәи Аидгыла асанкциақәа ирыхҟьаны ацәыӡ рацәаны иамоуп

© AFP 2023 / ARIS MESSINISЕвропейский союз несёт большие потери от санкций против РФ.
Европейский союз несёт большие потери от санкций против РФ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik адыррақәа инарықәыршәаны. Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадио Sputnik-и рыпроект ҿыц афактқәа. Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирылҵшәаны Европатәи Аидгыла атәылақәа рҟны 2,5 миллион усурҭа ҭыԥ аԥыххоит, Евроеидгыла атәылақәа рекономика акәзар аԥхасҭа аиуеит 109 миллиард евро рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирылҵшәаны Европатәи Аидгыла аекономика ацәыӡ рацәа амоуп, асеиԥш иҟоу алкаақәа арбоуп Sputnik аматериалқәа рҟны. Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра аҳәаақәа ирҭагӡаны иркьыԥхьуа актуалтә политикатә темақәа, асоциалтә темақәа, атәылақәа рыстатистикатә темақәа, аиҿкаарақәа (ООН, МВФ, иnbsp у.у.е.), рҭҵааратә центр дуқәа разыԥхьагәаҭарақәагьы абри атәы адырбоит.

Акьыԥхьымҭақәа рҟны ирызхьаԥшуп Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа рымҩаԥгараан Европатәи Аидгылаҟны 2,5 миллион усурҭа ҭыԥ аԥыххоит ҳәа. Аекономикатә ҭҵаарақәа Австриатәи ринститут иҟанаҵаз аҭҵаарақәа (WIFO), 109 миллиард евро рҟынӡа Евроеидгыла атәылақәа аԥхасҭа роуеит ҳәа аадырԥшуеит. Германиа егьырҭ атәылақәа раасҭа асанкциақәа ихрам рылҵшәақәа аныруеит. Урыстәыла аҭактә контрсанкциақәа ирылҵшәаны 500 нызқьҩык русурҭа ҭыԥқәа рцәыӡуеит, аекономика иацәыӡуеит 29,9 миллиард евро. Польшеи Италиеи рҟны аусурҭаҭыԥқәа рцәыӡра рхышәа-ҵышәа еиҟароуп, 302 000-300 000-ҩык ҳәа уааԥсырала еизуарашәаны. Иара убри аамҭазы аекономиказы ацәыӡқәа еиԥшымкәа иаарԥшуп. Италиа – 16,3 миллиард евро, Польша 5,4 миллиард евро.

Арадио Sputnik ажәабыжьтә агентра; амультимедиатә информациатә хаб; жәабала атәылақәа.

Sputnik иаҵанакуеит асаитқәа; ацифратә радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәа; адаҟьақәа; асоциалтә ҳақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0