Guardian: Италиеи Испаниеи урыстәылатәи атуристцәа рырхынҳәра ргәиҭоуп

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИспания. Бильбао. Архивное фото
Испания. Бильбао. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мраҭашәареи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыбааԥсра Италиеи Испаниеи рахь атуристцәа рцара акыр еиҵанатәит, убри инадҳәаланы Италиеи Испаниеи ирыгәҭакуп аурыс туристцәа рырхынҳәразы аусмҩаԥгатәқәа аус рыдулара. Абри атәы аҳәоит агазеҭ the Guardian.

АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Италиеи Испаниеи ирыгәҭакуп аурыс туристцәа рырхынҳәразы аусмҩаԥгатәқәа аус рыдулара. Абри атәы аҩуеит агазеҭ the Guardian.

Агазеҭ аҟны иазгәаҭоуп урыстәылатәи атуристцәа рыҟамзаара умбарц шзалымшоз, убри инадҳәаланы Андалусиа иагәҭакуп урҭ рырхынҳәра.

Агазеҭ иамоу адыррақәа рыла уа ирыгәҭакуп ҩажәа рҟынӡа уснагӡатә разыԥхьагәаҭара.

"Ҳара иаадыруеит уажәы аамҭа шымариам аха иазгәаҳҭоит еиӷьхарақәак аҭыԥ шрымоу. Андалусиа иамоу аԥыжәарақәа ҳрызхьаԥшны иаҳҭахуп урҭ инагӡаны ҳхы иаҳархәар", — иҳәеит арегион аҟны атуризм аусқәа рминистр Франциско Хавьер Фернандес.

Италиа Урыстәылатәи атуристцәа рыҟазаара 31% еиҵахеит. Италиатәи амчрақәа ари аинформациа шьақәддырӷәӷәоит. Ус шакәу еиҳарак иубарҭоуп зыхә дуу акурортқәа рҟны.

Испаниа аиԥш Италиагьы урыстәылатәи атуристцәа рыдыԥхьалара иашьҭоуп. Убри хықәкыс иҟаҵаны Москва иҟоу Италиа Ацҳаражәырҭа аусура иаланаргеит асаит ҿыц "Твоя Италия". Уаҟа инарҭбааны иаарԥшуп Италиа – туристтә центрк аҳасабала.

Ус шакәугьы Мраҭашәареи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа анбааԥсха ашьҭахь атуристцәа уахь рцара иаԥдырҟәҟәаауеит, уи адагьы цәыббра 14 инаркны шенгентәи авизақәа роуразы урыстәылаа рнацәақәа рышьҭанхалақәа ахырхуеит. Уигьы еиҵанатәуеит атуристтә паток.

Атуроператор TUI адыррақәа рыла сынтәа еиҳарак урыстәылатәи атуристцәа зҭааз тәылақәаны иҟан

Ҭырқәтәыла, Египет, Болгариа, Черногориа, Кипр, Бырзентәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0