Мали аҳҭнықалақь аҟны бџьарла еибыҭоу ҩыџьа 170-ҩык нкыланы ирымоуп

© AP Photo Harouna TraoreСитуация в Мали.
Ситуация в Мали. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мали аҳҭнықалақь Бамако иҟоу асасааирҭа Radisson Hotel Bamako аҟны бџьарла еибыҭоу ҩыџьа ауаа 170-ҩык шасыс инкыланы ирымоуп. Асасааирҭа иакәшаны игылоуп ашәарҭадаратә мчқәа.

АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Мали аҳҭнықалақь Бамако иҟоу асасааирҭа Radisson Hotel Bamako аҟны бџьарла еибыҭоу ҩыџьа ауаа 170-ҩык шасыс инкыланы ирымоуп. Асасааирҭа иакәшаны игылоуп ашәарҭадаратә мчқәа, ҳәа ааицҳауеит Rezido асасааирҭақәа ргәыԥ апресс-маӡаныҟәгаҩ.

"140-ҩык асасааирҭа асасцәеи 30-ҩык асасааирҭа амаҵзурауааи шасыс иаанкылоуп. Асасааирҭа уагьзыҩналом уагьздәылҵуам" — иҳәеит асасааирҭақәа ргәыԥ апресс-маӡаныҟәгаҩ ателеканал NBC News аинтервиу аҭо.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла Мали аҳҭнықалақь Бамако иҟоу асасааирҭа Radisson Hotel Bamako бџьарла еибыҭоу ҩыџьа ауаа ақәлан иааныркылеит. Аинформациатә маҵзура Реитер адыррақәа рыла ашәарҭадаратә мчрақәа асасааирҭа иакәшаны иркуп. Асасааирҭа аҩныҵҟа аиҿахысрақәа цоит.

Мали ақалақь Севаре иҟоу асасааирҭа нанҳәамзазы иақәланы шасыс ауаа ргахьан. Усҟан иҭахеит 13-ҩык. Иҭахаз рҟынтәи 5-ҩык ООН амиссиа (MINUSMA) аусзуҩцәа роуп (урҭ рҟынтәи ҩыџьа украинеццәоуп, аӡәы Непал датәылауаҩуп, аӡәы – Алада Африкатәи Ареспублика, 4-ҩык Мали ар ирхаҭарнакцәоуп, 4-ҩык атеррористцәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0