Аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ахь арзаҳалқәа рыдкылара иаҿуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа".
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Россиа сегодниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" аԥшьгамҭала еиҿкаахо Жәларбжьаратәи аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ахь арзаҳалқәа рнагара хыркәшахоит мызкы ашьҭахь.

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" аԥшьгамҭала еиҿкаахо Жәларбжьаратәи аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ахь арзаҳалқәа рнагара хыркәшахоит мызкы ашьҭахь. Арзаҳалқәа зегь анрыдыркылалак ашьҭахь аусура хацнаркуеит ашорт-бӷьыц еиҿызкаауа аконкурс аексперттә хеилак. Ашорт-бӷьыц ахь иаҵанакуа жәаҩык алахәылацәа рыхьӡ 2016 шықәса мшаԥымза 25 рзы ирылаҳәахоит асаит ria.ru/75 аҿы. Абри ашьҭахь аҟазара аусзуҩцәеи амедиаекспертцәеи злахәу ажиури иалнакаауеит алауреатцәа. Урҭ рыхьӡқәа ӡыргахоит 2016 шықәса лаҵара 5 рзы, Москва. Аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшахоит 2016 шықәса рашәарамзазы, Совинформбиуро аԥҵамҭа амш аҽны. Аконкурс аҟны аиааира згаз ианашьахоит 50 000 мааҭ зыртәо аԥаратә ҳамҭеи, адипломи, агәалашәаратә статуеткеи.

"Арадио – азыӡырыҩцәа еиҳа ирзыманшәалоу нырратә хкуп. Убжьи уинтонациеи иарбанызаалак мцык рыҵаны иҟалар иаразнак изаҳауа ирбарҭахоит. Аиҳаракгьы ишиашоу ицо аефир аҟны", — иҳәеит "Радио Россиа" адиректор, ажиури алахәыла Виачеслав Умановски.

Быжь-тәылак, Урыстәыла, Молдова, Украина, Аԥсны, Беларуссиа, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рхаҭарнакцәа аамҭакала азыҳәақәа нарышьҭит МИА "Россия сегодня" имҩаԥнагараны иҟоу арадиомҩаԥгаҩцәа рконкурс рҽалархәразы. Алахәылацәа еицырдыруа ажурналистцәа инадыркны ҿыц зыҽԥызшәо рҟынӡа аҵанакуеит. Урҭ рышықәсқәа 22 инаркны 69 шықәса рҟынӡа иҟоуп.

Аконкурс алахәразы ааԥхьара рымоуп Урыстәылеи, ИАРи, Балтиеи ртәылақәа рҟны аус зуа арадиоканалқәа ркорреспондентцәеи ррадиомҩаԥгаҩцәеи. Аҽалархәразы азыҳәа харҭәаатәуп, Иури Левитан

итекстқәа руак иаԥхьатәуп. Иара нашьҭтәуп Аиҿкааратә еилакы ахьӡала, levitan@rian.ru ҳәа, мшаԥымза 15 рҟынӡа.

Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" — жәларбжьаратә медиагәыԥуп. Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарҭбааны, оперативла, ишәаны-изаны иазнеины иаанарԥшуеит. Иарахьы иаҵанакуеит: РИА Новости, Р-Спорт, РИА Недвижимость, РИА Рейтинг, ИноСМИ. Амаҵзура иара убасгьы аԥыжәара амоуп урыстәылатәи асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҟны аиҭаҳәарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0