Аԥсны аҭынчра еиқәзыршәо – аҿиароуп

ЕАЕС аинститут Аҭҵаарадырратә Хеилак анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белиаков.
ЕАЕС аинститут Аҭҵаарадырратә Хеилак анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белиаков. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла асоциал-економикатә проблемақәа дрылацәажәоит ЕАЕС аинститут Аҭҵаарадырратә Хеилак анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белиаков.

Аидеиологиатә ҳәоуеиқәымшәара аполитикцәа мацара иреимакзар ауазар, асоциал-економикатә ҿиараҿы апроблемақәа массала ақәгыларақәа азыԥхьагәазҭо ракәны иҟоуп.

Аԥсны сынтәа иҟаз аибарххарақәа аполитикатә еилибамкаареи аҳәоуеиқәымшәареи рымацара ракәӡам изыхҟьаз. Сгәы иаанагоит атәыла ауааԥсыра рӷьырак сықәшаҳаҭхоит ҳәа уаҟа аҭыԥ рыман асоциал-економикатә проблемақәа сҳәар.

Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Сурков: Аиқәшаҳаҭра ишахәҭоу еиԥш анагӡара мҩаԥысуеит

Дарбанызаалак аполитик идыруеит ауаажәларра рҟны аҭынчра шьақәгыларц азы, аполитикатә маншәалара ҟаларц азы асоциал-економикатә ҿиара азхьаԥшра ду шаҭаху.

Ҵыԥх, абҵарамзазы, ЕАЕС аинститут, ауаажәларратә аԥшьгарақәа абжьагара рызҭо, анапы аҵанаҩит аԥснытәи Жәларбжьаратәи аустә Форуми иареи русеицуразы аиқәшаҳаҭра. Иахьа, аԥснытәи Жәларбжьаратәи аустә Форуми ҳареи хылаԥшра аҳҭоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аларҵәара шаиуа. Ҳҽазаҳшәоит акыршықәсатәи ԥхьаҟатәи апроектқәа Аԥсны аус руа иҟаларц азы.

Хаҭала ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков зхадараҿы дыҟаз Урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа раара.

Ишәгәаласыршәоит аделегациа ишалахәыз Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов, ИАР атәылақәа асоциал-економикатә усрыцуразы Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Олег Говорун, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Резников, ИАР атәылақәа асоциал-економикатә усрыцуразы Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Денис Травин уҳәа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәа жәпаҩык.

Урҭ Аԥсныҟа раара иахықәкны иҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра 2015–2017 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа аларҵәара азырхиара азҵаара.

Аԥсны Анапхгареи Владислав Суркови реиԥыларақәа аихшьаала рыҭо Сурков иҳәеит: "Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аԥаразоужьра 4 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәыргылан, аха Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь аҽа 5 миллиардк ишьҭыххеит. Иааидкыланы иҟалоит 9,3 миллиард мааҭ. Аԥсуа ган иара иаӡброуп урҭ аԥарақәа еиҳа иаҭахны иахьаԥхьаӡо".

Сгәанала арҭ аԥарақәа ареспублика аҿиаразы ихәарҭа дуны иҟалароуп.

Рауль Ҳаџьымба аусуратә еилацәажәарақәа еихшьаало иазгәеиҭеит ареспубликаҟны амҩақәа реиҭашьақәыргылара адагьы аинфраструктуратәи асоциалтә проектқәа рынагӡара адагьы ишырацәоу аекономика шьҭызхыша апроектқәа. Аԥсны ауаажәларрагьы ртәыла асоциал-економикатә еизҳара хымԥада иалахәзароуп, ахырхарҭақәа зегьы рыҟны.

Ҳара зегьы ибзианы иаадыруеит, афорумқәа рҟынгьы изныкымкәа иазгәаҳҭахьеит Аԥсны ирццакны аҿиара шаҭаху аекономикатә ареалтә сектор – ақыҭанхамҩа, атуризм, аенергетика ирыдҳәалоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0