Вануату адгьылҵысра ҟалеит

© flickr.com / carawahВануату. Архивтә фото.
Вануату. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вануату иҟалаз адгьылҵысра иалшоит цунами арҿиар, ҳәа адырра ҟанаҵоит ацунами азыԥхьагәазҭо Аокенҭынчтәи Ацентр.

АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. 7,6 магнитуда иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Вануату, ҳәа адырра ҟанаҵоит ЕАШ (США) Агеологиатә маҵзура (USGS).

Адгьылҵысра ҟалеит ахәаша, асааҭ 01.26 азы UTC (04.26 мск) аамҭала, адгьылбжьаха Хантер 108 километр инацәхыкны.

Аԥсыҭбарақәеи абгарақәеи рзы дырра ыҟам. Цунами ҟалоит ҳәагьы алаҳәара ҟаҵам.

Вануату адгьылбжьахақәа рыҵаркуеит "Амца мацәаз" ҳәа изышьҭоу аҽеимаасахьа змоу авулканқәеи атектоникатә ԥҽырақәеи. Урҭ роура 40 000 километра рҟынӡа инаӡоит. Дара Аокеан ҭынч иаҿыкәшаны Аҩадатәии Аладатәии Америка амшынԥшаҳәа иаваршәны Алиаска аладатәи ахәҭаҟынӡа ианнеилак Иапониеи, Филлипинии, Индонезиеи рахь илаҟәуеит.

Ихыркәшахоит адгьылбжьахақәа Гвинеиа ҿыци Зеландиа ҿыци иахьрыҵаркуа. Адунеи аҟны иҟало адгьылҵысрақәа рҟынтәи 90% аброуп иахьыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0