Дина Бекоева Ельбрус Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа ықәлыргылеит

© Дина БекоеваДина Бекоева Ельбрус Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа ықәлыргылеит
Дина Бекоева Ельбрус Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа ықәлыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ Уаԥстәыла еицырдыруа ахирург Казбек Кудзаевы Дина Бекоевеи ауаԥс кәашара "Хонга" нарыгӡеит Ельбрус ақәцәаҟны.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Ауаԥс кәашарақәа рынагӡаҩ, москватәи акәашаратә ансамбль "Аланиа" асолистка Дина Бекоева дхәыҷаахыс дазгәыҳәуан Ельбрус ақәцәаҿы ақәкәашара. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Осетия.

Дина лгәаҳәара мышқәак раԥхьа инаӡеит. Нхыҵ Уаԥстәыла еицырдыруа ахирург Казбек Кудзаевы Дина Бекоевеи ауаԥс кәашара "Хонга" нарыгӡеит Ельбрус ақәцәаҟны.

Бекоева диит, дааӡеит Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва, аха Уаԥстәылаҟа шамахамзар есышықәса даауеит.

Абар уажәшьҭа 14 шықәса ирықәуп лара ансамбль "Аланиа" далахәылоижьҭеи. Иара убри аамҭазы иреиҳау аҵараиурҭагьы дҭоуп.

"Схәыҷаахыс исҭахын џьара иԥшӡоу, иҳараку акы аҟаҵара. Агәаҳәара анумоу уи иақәшәо ауаагьы уԥылоит уԥсҭазаараҟны. Казбек Кудзаеви сареи иҳаӡбеит Ельбрус ақәцәаҿтәи ҳакәашара Гиннес арекордқәа ирыҵанакырц азыҳәа ҟаҳҵеит", — еиҭалҳәоит Бекоева.

5642 метра аҳаракыраҟны инагӡоу акәашара аҭаҩразы акоманда ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа азыҟаҵаратә лагер аҟны акурсқәа ирхысуан.

Акоманда алахәылацәа Ельбрус ақәцәан иқәдыргылеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Ҟабарда Балкариеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа. Акциа мҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Леонид Тибилов идгыларала, Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра иазкны.

Бекоева лгәаанагарала Ельбрус ахалараз агәабзиара зҩыда умазароуп, избанзар ашьха ақәцәаны иарбанызаалак аҳауаеиҭарсра апроблемақәа узцәырнагар алшоит.

Амш рацәак ибзиан ишыҟамызгьы акоманда ашьха ақәцәанӡа аҩеира рылдыршеит ԥшь-сааҭк ирылагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0