Ален Аҩӡба аԥыжәара игеит

© Фото : ITF TennisАрхивное фото молодого теннисиста из Абхазии Алена Авидзба
Архивное фото молодого теннисиста из Абхазии Алена Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Канадеи ркомандақәа рыбжьара аицлабраан урыстәылаа аиааира ргеит.

АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Аԥқьаҭасаразы Урыстәыла еизгоу акоманда аиааира агеит, ианашьахеит ақәыԥшцәа рыбжьара Девис Ихраҿа Будапешт Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Актәи ахәмарра афинал аҟны Тимофеи Скатов Никаис Муамба диааиит 6:4, 6:1 ҳәа аҩбатәи аиԥылараан Ален Аҩӡба Феликс Ожье-Алиассиме дицыхәмаруан, дагьаҵахеит – 6:2, 3:6, 4:6 ҳәа. Ҩыџьа-ҩыџьала ахәмарраан Ален Аҩӡбеи Алексеи Захарови зцыхәмаруаз Ожье-Алиассимеии Чих Чи Хуани ириааиит – 6:2, 6:4 ҳәа. Ахԥатәи аҭыԥ агаразы аиндаҭлараан аргентинаа америкаа ириааиит – 2-1 ҳәа. Афинал аҟны Польшатәи еизгоу акоманда риааиуеит Еиду Америкатәи аштатқәа ркоманда– 2-1 ҳәа.

Урыстәылатәи акоманда (Анастасиа Потапова, Олесиа Первушина, Варвара Грачева) ахԥатәи аҭыԥ азы аиндаҭлараан Иапониа акоманда иаиааиит – 3-0 ҳәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0