Германиа атәылауаҩ 90 миллион евро иоуит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уажәраанӡа зегь иреиҳау ԥхьахәны Германиа ишьан 84,8 миллион евро иҟаз джекпот.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Афедералтә дгьыл Баден-Виуртемберг аҟны инхо Германиа атәылауаҩ жәларбжьаратәи алатареиа Eurojackpot аҟны иоуит 90 миллион евро иҟаз аԥхьахә ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Spiegel Online адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Асеиԥш ахҭыс уажә ҩынтәуп иҟалоижьҭеи. Уаанӡа, Чехиа, 2015шықәса рзы амилаҭтә рекорд шьақәиргылахьан.

Уажәраанӡа зегь иреиҳау ԥхьахәны Германиа ишьан 84,8 миллион евро иҟаз джекпот. Уи ианашьан адгьыл Гессен аҟны инхо Германиа атәылауаҩ.

Алатареиа Eurojackpot рылаҵәаны иҟоуп Европа атәылақәа 17 рҟны.

Джекпот аиуразы 50 рҟынтәи хә-номерк иақәуршәароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0