Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аталисманс – Абга алхуп

© Оргкомитет "Россия-2018" / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьапылампыл азы адунеи ачемпионат аталисманс – Абга алхуп
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аталисманс – Абга алхуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны раԥхьатәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 2018 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. Азеиԥшурыстәылатә бжьыҭирала ачемпионат аталисманс иалхуп Абга. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт. Абжьыҭирақәа реихшьаала ҟаҵан апрограмма "Вечерний Ургант" аҟны. ЧМ-2018 аофициалтә талисман алхразы еиндаҭлон Абга, Ацгәы, Амуртәи атигр.

Абга иаиуит 52,8% абжьы, Амуртәи Атигр— 26,8%, Ацгәы — 20,4%. Иааидкылан абжьыҭира рхы аладырхәит миллионк инарыцны ауааԥсыра. Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны раԥхьатәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 2018 рзы.

Атурнир ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп: Москва, Калининград, Санкт-Петербург, Волгоград, Казань, Нижни Новгород, Самара, Саранске, Ростов-на-Дону, Шәача, Екатеринбург.

Ажәабжьқәа зегьы
0