Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭа актәи аплита шьҭаҵоуп

© Sputnik / Александр Полегенько / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭа актәи аплита шьҭаҵоуп
Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭа актәи аплита шьҭаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгьылбжьаха Тузлаҿы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭа актәи аплита ашьҭаҵаразы имҩаԥгоуп раԥхьатәи атехнологиатә операциа.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Адгьылбжьаха Тузлаҿы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭа актәи аплита ашьҭаҵаразы имҩаԥгоуп раԥхьатәи атехнологиатә операциа, ҳәа аанацҳауеит аинформациатә центр "Крымский мост". Амонолиттә конструкциа шьақәыргылоуп автомобилтә цҳа аԥшьыхәҭак рыҟны. Ҳаԥхьаҟазы иара каҭрандыркуеит.

Упрдор "Тамань" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Каират Турсунбеков иажәақәа рыла автохәҭа раԥхьатәиуп.

"Ҳара араҟа апроектҟаҵаҩцәа ртехникатә ӡбарақәа аус рыдааулоит, урҭ ақьаад аҟынтәи ареалтә ҭагылазаашьахь ииаагоит", — иҳәеит иара.

Ҟрымтәи ацҳа автомобильтә хәҭа иаҵанакуеит атранспорт азы ҩба-ҩба цәаҳәа змоу амҩақәа.

"Аԥхьа Керчтәи ахырхарҭа аучасток бетонҳаркуеит, нас егьырҭ аусурақәа ирыцаҳҵоит", — иҳәеит аучасток аиҳабы Витали Дунаиц.

Керчтәи ацҳа аура 19 километра иҟалоит. Автомашьынақәа рзы иазыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рзы аартра, 2019 шықәса рзы адәыӷбақәа рзы аартра. Уажәы Ҟрыми Урыстәылеи еиманадоит апароми, иара убасгьы аҳаиртә баӷәаза "Симферополь".

Ажәабжьқәа зегьы
0