Даниель Ортега аҽазныкгьы президентс далхуп

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДаниель Ортега аҽазныкгьы президентс далхуп
Даниель Ортега аҽазныкгьы президентс далхуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Даниель Ортега раԥхьаӡа акәны Никарагуа апрезидентс далхын 1985 шықәса рзы.

АҞӘА, абҵара 8 — Sputnik. Хынтәуп Даниель Ортега Никарагуа апрезидентс далырхуеижьҭеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура Франс Пресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

99,8% абыжьқәа рыԥхьаӡараан ишьақәыргылан 72,5% алхыҩцәа Даниель Ортего ибжьы ширҭаз, иаанхаз 15% рыбжьы ирҭеит Максимино Родригес. Амаҵзура иаԥхьаӡоит апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дҟалоит ҳәа Даниель Ортего иԥшәмаԥҳәыс Росарио Мурильо.

Алхрақәа мҩаԥысит ииасыз амҽышазы. Иреиҳаӡоу алхратә хеилак адыррақәа рыла атәыла ахадас аҟаларазы иқәгылан фҩык акандидатцәа.

Даниель Ортега раԥхьаӡа акәны Никарагуа апрезидентс далхын 1985 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0