WhatsApp иажәхьоу агаджетқәа рҟны аусура иаҟәыҵуеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраWhatsApp иажәхьоу агаджетқәа рҟны аусура иаҟәыҵуеит
WhatsApp иажәхьоу агаджетқәа рҟны аусура иаҟәыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
WhatsApp - iPhone 3GS, Windows Phone 7, Android (аверсиақәа 2.1 2.2 змоу) асмартфонқәа рҟны аусура иаҟәыҵуеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 — Sputnik. WhatsApp — iPhone 3GS, Windows Phone 7, Android (аверсиақәа 2.1 2.2 змоу) асмартфонқәа рҟны аусура иаҟәыҵуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

"Арҭ агаджетқәа раамҭазы акрызҵазкуа ракәны иҟан, аха уажәтәи аамҭазы урҭ ирымам алшарақәа ҳара ҳацҵаҟны аус руртәеиԥш" ҳәа азгәарҭоит аусдулаҩцәа.

Blackberry OS, Blackberry 10, Nokia S40, Nokia Symbian S60 рплатформақәа рҟны амессинџьер аусура мҩаԥгахалоит ԥхынгәы 30 2017 шықәса рҟынӡа.

WhatsApp — адыррақәа реимдаразы, авидеои абжьытәи еимадарақәа зцу хәыда-ԥсадатәи цҵоуп.

Амессенджер рхы иадырхәоит миллиардк рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0