Ҟрым ацәқәырԥеисра рылаҳәоуп

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрым ацәқәырԥеисра рылаҳәоуп
Ҟрым ацәқәырԥеисра рылаҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым ирылаҳәоуп ацәқәырԥеисрақәа ҩба ҟалоит ҳәа., актәи ақәа ӷәӷәа аура иадҳәалоуп, аҩбатәи – аӡхыҵрақәа ирыдҳәалоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik. Ҟрым ирылаҳәоуп ацәқәырԥеисрақәа ҩба ҟалоит ҳәа, актәи ақәа ӷәӷәа аура иадҳәалоуп, аҩбатәи – аӡхыҵрақәа ирыдҳәалоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҭыԥантәи аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Амшцәгьа ҟалоит аԥшьашаҽны, иара убасгьы ашьхараҟны.

"Ажьырныҳәа 5-6 рзы Ҟрым иахьаҵанакуа аӡиасқәа хыҵыр алшоит 0,5-1,5 метра рҟынӡа", ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Ахьчаҩцәа абжьагарақәа ҟарҵоит аӡиасқәа рааигәара иҟоу ргәы рҽанызарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0