Аҳәаатә гәара дыргылеит Латвиеи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИлегалымкәа аҳәаа ахысра алмыршахарц азы 23 километра инаӡо аҳәаатә гәара дыргылеит
Илегалымкәа аҳәаа ахысра алмыршахарц азы 23 километра инаӡо аҳәаатә гәара дыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Илегалымкәа аҳәаа ахысра алмыршахарц азы 23 километра инаӡо аҳәаатә гәара дыргылеит Латвиеи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара

АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Илегалымкәа аҳәаа ахысра алмыршахарц азы 23 километра инаӡо аҳәаатә гәара дыргылеит Латвиеи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адырраҭара ҵаҵӷәыс иамоуп Латвиа аҳәынҭқарратә ҳәаахьчаратә маҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ Евгениа Позниак.

"Аҳәаатә гәара аргылара нап аркын 2015 шықәса рзы. Инагӡаны ихыркәшахап ҳәа иԥхьаӡоуп 2019 шықәса рзы. Иахьатәи аамҭазы ауааԥсыра илегалымкәа аҳәаа ахысра алмыршахарц азы 23 километра инаӡо аҳәаатә гәара дыргылеит Латвиеи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара", — лҳәеит Позниак.

2017 шықәса рзы аҳәаа аиҿкааразы иазыԥхьагәаҭоуп 6,3 миллион евро. Агәара аҳаракыра 2,7 метра иҟоуп. Аурыс-алатыш ҳәа аура зынӡаск 276 километра инаӡоит. Иааидкыланы аусурақәа рыхәԥса 17 миллион евро итәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0