АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Жәабран 12 рзы Германиа Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Франк-Вальтер Штаинмаиер Германиа апрезидентс далхуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Франк-Вальтер Штаинмаиер изы рыбжьы рҭиит 931-ҩык 1239-ҩык Афедералтә еизара алахәылацәа рҟынтәи. Актәи атур аҟны далырхырц Штаинмаиер ииҭахыз 631 бжьы ракәын.
Иара аханатәгьы акандидат ԥхьагыла ҳәа дшьан. Уаанӡатәи Германиа апрезидент Иоахим Гаук икандидатура ақәыргылара мап ацәикит, сышықәс дууп ҳәа ҿыӡгас иҟаҵаны. Иара 77 шықәса ихыҵуеит.
Афедералтә еизара шьақәгылоуп 630-ҩык бундестаг адепутатцәеи афедералтә дгьылқәа рхаҭарнакцәа 630-ҩык рылеи. Бундестаг астатистика инақәыршәаны аканцлер Ангела Меркель лпартиа ХДС/ХСС ахь иаҵанакуеит 539-ҩык, Германиа асоциал-демократиатә партиа ахь иаҵанакуеит — 384-ҩык. Абасала, Штаинмаиер далызхуаз асоциал-демократцәеи ақьырсиан демократцәеи иааидкыланы 923 – бжьы рыман.